Ахьыуардын

TelegramАрт и иллюстрация

@apsua_sputnik

Ахьыуардын — аԥсуа бызшәеи, аҭоурыхи, акультуреи ирызку апроект ҷыда. Напбзиа-шьапбзиа ахьыуардын дақәтәоуп. Шәҳацла: ахьы хәыҷуп, аха шәкы ицоит, аӡә дышәҩыкны дҳаԥхьаӡоит.

1.2K
Подписчиков
20.9%
Охват (Reach Rate / RR)
просмотры / подписчики
6.9%
Вовлечённость (ER)
реакции / просмотры

О канале Ахьыуардын

1.2Kподписчиков259средний охват20.9%охват (RR)6.9%вовлечённость (ER)

Ахьыуардын — аԥсуа бызшәеи, аҭоурыхи, акультуреи ирызку апроект ҷыда. Напбзиа-шьапбзиа ахьыуардын дақәтәоуп. Шәҳацла: ахьы хәыҷуп, аха шәкы ицоит, аӡә дышәҩыкны дҳаԥхьаӡоит.

AI-обзор

Обновлено 19.07.2026

Канал "Ахьыуардын" посвящен абхазскому искусству и культуре. Автор публикует информацию о художниках, писателях, поэтах и других деятелях культуры Абхазии, а также о событиях в сфере искусства.

Описание сформировано MaxBook AI на основе последних публикаций канала.

Основные метрики

Вовлечённость

20.9%Охват
Подписчиков1.2K
Просмотров/пост259
Реакций/пост17
Средняя
Качество
6.56%
Реакции/просм.
17
Постов
17
Реакций/пост
6.56%просмотров конвертируются в реакции

Здоровье аудитории

Средний охват: ~259 на пост — это ~21% от 1.2K подписчиков
21%
Доля от числа подписчиков. Один пост видит не обязательно одна и та же часть аудитории, поэтому остаток — не «неактивные подписчики».
20.9%
Охват (RR)
Среднее
6.95%
ER (вовлечённость)
~18 реакций/пост
Средний охват. 15–30% подписчиков видят посты. Часть аудитории может быть неактивна или заглушила канал.

Часовая активность

МСК

Когда канал публикует — распределение постов по часам суток.

12:00
Пик публикаций
0%
Ночью (0-6)
Публикует днём
0
3
6
9
12
15
18
21
Распределение 17 постов по часам публикации и средний охват/реакции постов в этот час. Время — московское (МСК). Это график публикаций канала, не онлайн-статус аудитории.

Последние публикации канала «Ахьыуардын»

  1. 167 просмотров, 17 реакций, 17 июл. 2026 г.

    ЗЕГЬ ИАХЬА ИАҲЗЫӠБОМ Нхаҩык аԥсҭа ашьапаҟны дцан аиаҳәазы ҭәаҵлак хиҵәеит. Уа аӡиас ахықә аҟны иааныжьны аҩныҟа дааит, мышк цәгьаханы аӡы духар иалаазгап ҳәа. Ус уахык иаалырҟьаны амш цәгьахан, иқды рҳәазаны иама идәықәлеит. Ишлеиуаз аӡәы иаагәеиҭан иаамхны аҩныҟа игеит. Ақды зтәыз дҵаа-ԥшаауа дышдәықәыз иахьыҟаз иаҳан днеит. Ари сара соуп ихызҵәаз, аиаҳәа алысхразы исҭахуп, исуҭароуп, — иҳәеит. — Иара саргьы убри аиаҳәа азоуп изамысх, исызуҭом, — иҳәеит егьи. Ари аус анеимактәха аӡбаҩ иахь ицеит. Аиаҳәа амызхыз заанаҵа аӡбаҩ диацәажәеит, шьтәакгьы алашьцара иалакны изигеит, ашьтәы иқьышә…

    Открыть пост в MAX
  2. 126 просмотров, 15 реакций, 14 июл. 2026 г.

    МЫСРА Сара Аԥсынтәыла саҵеиуп, Аԥшӡа џьашьатәӡам ара. Аха иахьазы смарҵеиуп, Уи сҵауеит, абар, Мысра . Мысраз ажәа "аԥшӡа" уҳәаргьы, Амч азцәыргом азхара. Аԥшӡараз аҳҭныс иушьаргьы, Бзанҵы иухьуам ԥхашьара. Аԥшӡара аҭоурых иабӷьыцуп Абаа ӡышрагь Амбара. Уи ахаҵара ашьагьы ацуп, Дарбан агәра зымгара?! Араҟа аԥсуа аԥхӡы кеиҟьоит, Иҭбаауп мшынҵас игәаҭа, Ара дынхоит, аҩы ҭеиҭәоит, Асас дагхом иҩнаҭа... Амшын еиқәа агәы ҭагылом Мысра укалҭ ианагәӡуа. Уара уханқәа ирыҩнагылоуп Укалҭаҿ зыԥсы зшьауа. Избоит, урҭ зегь рыԥсы улоуп, Иашьҭоуп уҵеира аԥсара. Рызхара ирызбома, иалоуп Уџьра, ухьара,…

    Открыть пост в MAX
  3. 139 просмотров, 13 реакций, 12 июл. 2026 г.

    🤩 Аҭоурыхтә ажәаԥҟақәа • Ачба умҳәакәан, Чачба узҳәом. • Аҳ данԥслак, иԥа даԥсамзаргьы, аҳас дҟалон. • Аҳи аҳкәажәи еидыслан, аҳҭыԥҳәыс дрыбжьыԥсааит. • Аҳи аҳкәажәи еижәхасын, аҳҭыԥҳәыс илзеиӷьыз ҟалеит. • Мышкы аҳра зауз шәҩык рхы хисеит. • Саҳ ҳәа зоуҳәаз, стәы ҳәа уеиҳәоит. • Аамысҭа ихәы аинцәышгьы иаанагоит. • Аамысҭа иԥшра змоу аамысҭа игәрагьы иоуеит. • Аамысҭа дызмам аҭауад дҭауадым. • Амаршьан дахьтәам ақыҭа уаламлан. • Аҳәынаԥ аца иааӡоит, Хабжькәытгьы жәлар рмал дааӡеит. • Далаа Хабжькәыт-иԥа дрывасуан. • Маанаа Ҷыжә дрывасуан. • Аублаа дзааӡаз ихгьы иқәиҵон. • Амра абаагәара…

    Открыть пост в MAX
  4. 134 просмотров, 15 реакций, 11 июл. 2026 г.

    Очамчыра 2526 шықәса ахыҵит! Ара ажәытәтәи ауаҩы дынхон хә-нызқь шықәса раԥхьагьы, уи шьақәзырӷәӷәо археологиатә ԥшаахқәа ыҟоуп, аха хаз қалақьны ишьақәгылеит VI ашәышықәса актәи азбжа инаркны ҳәа иԥхьаӡоуп. Усҟан арахь иқәнагалеит ақалақь Милетынтәи абырзенцәа-аколонистцәа. Урҭ ара абырзен полис аргылара нап адыркит, иагьахьӡырҵеит Гиуенос. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзгьы аҵарауаа ара лассы-лассы ирԥыхьашәоит усҟантәи аамҭақәа ирыҵанакуа акрызҵазкуа аԥшаахқәа. Аҵыхтәантәиқәа иреиуоуп антикатәи аамҭа иаҵанакуа аџьаз иалху аҳаҭәараҷ , аҭсатә ҭоубыҭ . Иахьа Очамчыра ауадаҩрақәа ириааины аҿиарамҩа…

    Открыть пост в MAX
  5. 178 просмотров, 16 реакций, 10 июл. 2026 г.

    Иналукааша аԥсуа ҵарауаҩ, афольклорист, алитератураҭҵааҩ Сергеи Зыхәба диижьҭеи 90 шықәса ҵит иахьа. Сергеи Лад-иԥа дышқәыԥшызнатә даара зхы аус адзулоз, арҿиаратә гәаҳәара зызҭаз уаҩын. Ашкол данҭаз инаркны ирацәаны даԥхьон, алитература бзиаӡаны идыруан, исахьаркыратә гьама ҳаракын. Афольклор аизгара, аҭҵаара анахыс, уи иаҵоу адоуҳа агәра игон. Дыстудентны аԥсуаа рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара далагылеит, 1978 шықәсазтәи еицырдыруа Аԥсуа шәҟәы знапы аҵазҩыз 130-ҩык дыруаӡәкын иаргьы. Зынӡа инапы иҵыҵит 200 инареиҳаны аҭҵаарадырратә усумҭақәа; алитературадырратә статиақәа, ашәҟәқәа жәпакы…

    Открыть пост в MAX
  6. 270 просмотров, 18 реакций, 08 июл. 2026 г.

    Тәамба ҟазҵо тәамба ихьуеит (Аԥсуа жәаԥҟа). Ҷалы иаб дыԥсгәышьахьан. Зегьы ирдыруан. Зны ргәылара Хьрыԥс ҳәа аҳ инхоз цасҳәа, Ҷалы уабгьы уаргьы шәысзааироуп, шәысҭахуп ҳәа ацҳаражәҳәаҩ дизааишьҭит. Ҷалы игәы иалсит, иаб иԥсхьаз изы ас ахьизааицҳаз аҳ. Аха Ҷалы рацәак дымԥшыкәа абӷьааҳәа иҽеилаҳәан Хьрыԥс иҿы дынкылсит: "Ҳаҭыр зқәу аҳ, узыԥхьаз рыҟнытә сара сааит!" "Ҷалы, уаб Гагәыла дзымаазеи?" – дыҽхырҵааит аҳ. Ҷалы дҳәыцымыцны даацәажәеит: "Саҳ, ухаҵкы, Гагәыла маҷк иҭыҳәрыкьқәа бааԥсуп, сара сихәом, убри аҟнытә дахьыҟоу уцаны уара дааугароуп!" ✍🏻 Анатоли Аџьынџьал иажәабжь кьаҿқәа…

    Открыть пост в MAX
  7. 234 просмотров, 17 реакций, 07 июл. 2026 г.

    Иҭабуп, абжьыҭара зхы алазырхәыз! Аиааира агеит актәи авариант: Адгьылбжьаратәи амшын. Аха "Амшын бжьаха" хыҭхәыцаам, абас еиҭаргеит ХХ ашәышықәса алагамҭазы Аевангелие аԥсышәала изырцәажәоз. Иахьа ишаҳҳәо, ажәарқәагьы ишырну "Адгьылбжьаратә мшын" (Касланӡиа, Џьонуа), ма "Адгьылбжьаратәи амшын" (Чрыгба) ҳәа ауп, икалькоуп уҳәар ауеит, аха ицәажәоит, алитература иаднакылеит. Еиӷьу-еицәоу — уи даҽа зҵаароуп. Амала адгьылбжьаха ҳҳәозар "остров" азы, амшын бжьаха терминс ҳхы иаҳархәар ҟалоит адгьыл ҽыҭ дуқәа (аматерикқәа) ирыбжьаку амшынқәа рзы. Иара ус ацәажәараҿы акәзаргьы. Избанзар ҳаамҭазтәи…

    Открыть пост в MAX
  8. 269 просмотров, 19 реакций, 06 июл. 2026 г.

    ГӘЫГӘЫЦА ЛАША (Ашәа) Гәыгәыца Џьыкырԥҳа илызкны Быжәлар ргәеисра бгәеисроуп бара, Быԥсадгьыл Аԥсны ԥшӡа базбом азхара. Уи аразҟы лаша аиурц бҭахуп, Бахьыҟазалакгьы былаԥш ахуп. Владислав ду бихцәажәон быбжьы ҿацаӡа, Ибҳәон бара аиаша зегь шыҟаз имӡа. Рхы рыкәаҽ игылан ажәлар шанхан, Быбжьы иарҵысуан ҳзыҩнагылаз ахан. Гәыгәыца, Гәыгәыца, Гәыгәыца лаша, Ахә зшьахьада Гәыгәыца былша. Исызҳәарымашь ажәа ибыхәҭоу, Аԥсны ԥшӡа иадыруеит бҩызцәа зыԥсоу. Аԥсуа культура аӡыргара азын Ибылшахьоу маҷым, бразын зегь рзы. Асценахь банцәырҵуаз ҳагәқәа ԥшаауан, Бажәақәа ибҿыҵуаз агәаҵантә иаауан. Ажәлар…

    Открыть пост в MAX
  9. 233 просмотров, 20 реакций, 05 июл. 2026 г.

    Аҟәа, ҳбырлаш иамшныҳәоуп иахьа — 2510 шықәса ахыҵит! Шаҟа ашәа узырҳәахьоузеи ҳақалақь хазына! Инасыԥуп уа уҿы аԥсҭазаара иагьамоу адырра! Шаҟаҩ уеилаҳауадаз, шаҟаҩгьы рыԥсы ухҭынҵоузеи! Абылреи ахәшәлҩеи урылҵны, ацәа зҩыда уҟәынҵаны, ес-уажәааны уаԥылоит уныҳәамш! Ахаан еиԥш иахьагьы знык узбаз наунагӡа дыхнахуеит уԥшӡара! Ҽаанбзиала, Аҟәа! Хьы-шәахәала икәабоу, ашьхеи амшыни ирыбжьаршәу, уҭоурых зегьы аӷәӷәара иатәуп . Адунеи уақәлаха, уеицамкын! Иумазааит аизҳара, агәырӷьара, уааԥсырала аиҵыҵра, аҭынчра! Еснагь иухалашоз аԥсуа бираҟ, иухыҩуаз аԥсшәа! Баагәарас иумазааит еилшәара зқәым…

    Открыть пост в MAX
  10. 240 просмотров, 18 реакций, 05 июл. 2026 г.

    📌 Ажәа бзиоуп 📆 Амшды́рга (календарь; календарь знаменательных дат) Амшдырга – иахьа иарбан мшу злаудыруа; ма аҭоурых аҿы закәы мшу уҵазҳәо (ари аганахьалагьы иурцәажәар ауеит). Иманшәалоуп, иаԥсышәоуп, иаҳәо иаразнак еилукаауеит. Ари Омар Беигәаа иажәоуп, шәышықәса иниҵыз рахьтә 70 инареиҳаны аԥсуаҭҵаара иазызкыз, иара дышқәыԥшыз ижәлар рдоуҳа дазҿлымҳан, ажәытә жәабжьқәа еизигон, убас амзақәа рыхьӡқәа аниҵеит, адиаспора рзы амшдырга еиқәиршәеит. 1968 шықәсазы иҭижьит иԥшшәыркны, асахьақәа зцыз амшдырга. Иҟалап, ажәа ахаҭагьы иара ихәыцзар. "Амза́р" иҿыцу акоуп, уахь иалаҵәаны иҟамызт,…

    Открыть пост в MAX
  11. 267 просмотров, 14 реакций, 03 июл. 2026 г.

    Аԥсны Афырхаҵа Арзамеҭ Ҭарба иԥсы ҭазҭгьы иахьа 55 шықәса ихыҵуан. Ҳаԥсадгьыл аӷа изымҭаз аҟәатәи арԥыс гәымшәа. Аибашьра анҵысыҵәҟьа Ацҳа ҟаԥшь аҟны ампыҵахалаҩ иҿагылаз дреиуоуп. Гәымсҭатәи афронт аҿы деибашьуан, фырхаҵарыла дҭахеит иманшәаламхаз Марттәи ажәылараан. Усҟан 22 шықәса дырҭагылан, Аԥсуа университет азиндырратә факультет дҭан. Арзамеҭ Ҭарба изқәаҭыԥ Аҟәа, Ахьӡ-Аԥша абаҳчаҿы иҟоуп, ибаҩ ԥшааны хьыӡла-ԥшала анышә иамадан 2014 шықәсазы. Ашәҟәыҩҩцәа изыркхьоу ацәаҳәақәа рҟынтә: Ҳҵеицәа ӷьеҩқәа рыцҳақәа! Заҟа ҳшәылагәдууазеи, Заҟагьы шәа шәыла Ҳгәы шьузеи… Шота Ҷкадуа, 1995…

    Открыть пост в MAX
  12. 257 просмотров, 20 реакций, 01 июл. 2026 г.

    "Ашықәс рацәа шҳабжьоугьы, Омар Беигәаа хаҭала дыздыруан, ҩынтә-хынтәгьы иҩны снеихьан. Дырмит Гәлиа аԥсуа литератураҿы иаанаикыло аҭыԥ ахаҭа-ԥсаҭоуп Омар Беигәаа адиаспора рҿы ҭыԥс иааникыло. Ҳара ҳбызшәа, ҳҭоурых, ҳмифологиа уҳәа, хьаас ишьҭыхны, нап рыдкыланы, ааԥсарак ҟамҵакәа аус рыдулара даҿын. Омар Беигәаа иусумҭақәа роуп адиаспораҿы ҳара ҳмилаҭ хдырра еиқәзырхаз. Ҳажәлараи, ҳбызшәеи ижәытәӡатәиу аҭоурых ҵаула шрымоу иара илоуп ишеилаҳкааз. Сара абыржәгьы бзиа ибаны срыԥхьоит иҩымҭақәа, исарҳәогьы даара ирацәоуп", — Октаи Ҷкотуа . 🖇 Аԥсуа шәҟәыҩҩы Омар Беигәаа диит ԥхынгәы 1 азы, 1901…

    Открыть пост в MAX
  13. 259 просмотров, 17 реакций, 01 июл. 2026 г.

    Иналукааша аԥсуа ҵарауаҩ, апоет, ахәыцҩы Омар Беигәаа диижьҭеи 125 шықәса ҵит иахьа. Аԥсуареи аԥсшәеи зыԥсы ақәҵаны бзиа збоз, уи абзиабара иацназгоз агәаӷьгьы зызҭаз ауаҩ дыр. Ҵабалаа рхылҵшьҭра Омар Беигәаа, Аԥсны Дырмит Гәлиа дышҳамаз еиԥш, цәымзаҵас длашон мшын нырцә иҟоу ҳашьцәа рзы. Шәышықәса ниҵит. Иԥсҭазааратә мҩа акырӡа иҭбаан, идуӡӡан. Дхәыҷны раԥхьаӡа аҩреи аԥхьареи далагеит аԥсышәала. Дхәыҷны хатәы бызшәала ажәеинраалақәа иҩуан. Ашкол ахь дцаанӡа иааӡара иалахәын усҟантәи аамҭазы Аԥснынтә инеиз ауаа. Иԥсадгьыл агәхьаа шиӷраз дымҩасит, "Умца харԥны усшәындаз, ных сҳәарымызт,…

    Открыть пост в MAX
  14. 241 просмотров, 23 реакций, 30 июн. 2026 г.

    Баграт Шьынқәба ироман "Ацынҵәарах" раԥхьаӡатәи аҭыжьымҭа иагәылоу асахьақәа. Иҭыхымҭоуп — заԥхьаҟа Аԥсны аҳәынҭқарратә дыргақәа иравторхараны иҟаз асахьаҭыхҩы, амонументалист Валери Гамгьиа . Ароман хаз шәҟәны иҭыҵит 1974 шықәсазы, усҟан Гамгьиа 29 шықәса ихыҵуан, аха бзиа дыззырбо истиль шьақәгылахьан. Иара уи ашықәсан Асовет Еидгыла Асахьаҭыхцәа реидгылахь дрыдыркылеит. Инысымҩа еиҳа инарҭбааны>> 🧡 Ахьыуардын шәақәтәа

    Открыть пост в MAX
  15. 242 просмотров, 19 реакций, 30 июн. 2026 г.

    Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуаа ирыхьӡынҩылоуп 🌊 Амзара цәқәырԥоит амшын еиԥш, Аԥша ыҵоуп аԥса-ккара, Сазыӡырҩуеит амшынгәеисыбжь, Амшын ыцәоуп иааԥса-икара. Ԥхыӡ иабахуеи? – Аԥра шкәакәа, Агәы ихыршәлоуп ихыхәхәала, Амза илнахт амҩахәасҭа, Аԥра мҟьалахырц ахала. Уи иагоит разны шәахәала, Иреиӷьӡоу тәылак аҿы иӡхыҵырц. Амшын гәыкышт аԥра ацәыӡыр, Аԥра иамаӡам агәала. Аԥра иҭоу амшын ду дырырц, Аԥша даԥхьоит, иргәыбзыӷуеит, Итәыла ԥшӡеи иареи еибадырыр, Дзыргәаҟуа игәхьаагара еихсыӷьуеит. Иӡсо амшын аԥхыӡ ду иалаз, Ашәышықәсақәа рҟны иҟьалаз, Уи аԥра – сара сгәыӷра шкәакәа, Аԥсны уӡхыҵ усмеижьаӡакәа.…

    Открыть пост в MAX

Качество и доверие

100
из 100
Явных аномалий не обнаружено

Эвристические сигналы качества по публичным метрикам (охват, реакции, динамика подписчиков). Это не доказанный фрод и не приговор — лишь поводы присмотреться к каналу.

Цитирование

Индекс цитирования

Сколько раз канал упомянут и репостнут в постах других каналов.

8
упоминаний
3
репостов

Публикации

17 последних публикаций

Дополнительно

8пропущенных ID постов

Из 17 пойманных постов в диапазоне ID сообщений отсутствует 8. Пропуски — это удалённые посты ИЛИ медиа-альбомы и служебные сообщения (один альбом = несколько ID). Точную причину по одним ID определить нельзя.